Азиатәи Аҿиара абанк Қырҭтәыла раҧхьатәи аккумулиатортә станциа ҿыц аргылара аҧара азоунашьҭуеит
Азиатәи Аҿиара абанк Қырҭтәыла раҧхьатәи аккумулиатортә станциа ҿыц аргылара аҧара азоунашьҭуеит

Азиатәи Аҿиара абанк,  „Афымца аккумулиатортә станциеи аӡри иаҵәа аҿиареи апроект“ аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла иацхраауеит атәылаҿ раҧхьатәи аккумулиатортә станциеи аҧҵареи аӡри иаҵәа аҿиара аганахьала иҟоу алшарақәа рыҭҵаареи аҿы. Ари аинформациа аланарҵәеит Азиатәи Аҿиара абанк.

Абанк адыррала, ари апроект Қырҭтәыла афымцамҩангагақәа раҳа алшарақәа еиҕьнатәуеит.  Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қарҭ ааигәара, Қсани араионаҿ иҟоу аӡфымцатә станциа иацлоит  200 мгв.сааҭ амҽхак зауа аккумулиатортә станциа. Абанк аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, ари аобиект атәыла аенергошәарҭадара арҕәҕәоит, агәыларатә тәылақәа рхьыҧшызаара еиҵнатәуеит, хазхаҭалатәи асектор аҽалархәразы алшарақәа азнарҳауеит.

Иара убас, аӡри иаҵәа аҿиараа ацхрааразы, ADB Қырҭтәыла иазоунашьҭауеит  400,000 адоллар агрант.  Ари агрант атәыла анапхгара ирыцхраауеит аӡри иаҵәа аҿиара аганахьала атәылаҿы иҟоу алшарақәа рыҭҵаареи хазхаҭалатәи асектор алахәызаара аиқәыршәаразы иаҭаху аҭагылазаашьақәа рырмазеиреи аҿы.

Азиатәи Аҿиара абанк адыррала, ари апроект  аккумулиатортә станциеи аӡри иаҵәеи иреиҧшу афымца аҵәахра атехнологиатә  аҳа ашҟа аинтеграциазы иаҭаху азинтәи арегулиациатәи ашьаҭақәа еиҕьнатәуеит.