Иракли Ҕарибашвили – Азербаиџьан – ҳҩызеи ҳгәылеи мацара акәымкәа, иҕәҕәаӡоу ҳстратегиатәи ахәаахәҭратәи партниоруп
«Азербаиџьан – ҳҩызеи ҳгәылеи мацара акәымкәа, иҕәҕәаӡоу ҳстратегиатәи ахәаахәҭратәи партниоруп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиеви иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.
Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Азербаиџьани, акыршықәса рыҩныҵҟа аҭоурыхтә ҵакы змоу апроектқәа еицынарыгӡоит.
«Абри аҭыҧ ҧшӡаҿы аҟазаара сара сзы ҳаҭыр дууп. Раҧхьа иргыланы, ҳҩыза, Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп сахьидикылаз азыҳәан. Ишышәҳәаз еиҧш, мызқәак раҧхьа Қырҭтәыла, Мцхеҭа шәыҟан, усҟан ҳара атрадициа ҿыц ишьаҭаҳкит, аҳҭнықалақь мацара акәымкәа, арегионқәагьы ҳарҭаауа ҳалагеит, ари аинициатива даараӡа ибзиоуп, иахьа, абри арегионаҿ ҳаҟазаара ала, ари атрадициа наҳагӡоит.
Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳара, ақырҭуаа ҳзы, шәара шәҟны, Азербаиџьани азербаиџьан жәлари рҟны аиҩызара аҵакы ду шамоу, ҳара ашәышықәсарацәалатә аиҩызара ҳабжьоуп. Аусеицура ҕәҕәа ҳабжьоуп. Азербаиџьан – ҳҩызеи ҳгәылеи мацара акәымкәа, иҕәҕәаӡоу ҳстратегиатәи ахәаахәҭратәи партниоруп. Ҳара акыршықәса рыҩныҵҟа аҭоурыхтә ҵакы змоу апроектқәа еицынаҳагӡоит, арҭ апроектқәа рыбзоурала, ҳмилаҭқәа иаҳа еизааигәахеит, иаҳа еидҳәалахеит, арҭ аимадарақәа иҵегьы ашәышықәсақәа рацәа инагӡахоит.
Ҳара, инагӡоу, қәҿиарала ус зуа аҭоурыхтә проектқәа изныкымкәа ҳрылацәажәахьеит. Ишыжәдыруа ала, абарҭ апроектқәа рынагӡаразы Қырҭтәыла – зҵакы дуу игәрагоу атранзиттә партниоруп. Ҳаҭыр зқәу ахада ишиҳәаз еиҧш, ҳара ҳаанымгылакәа аус аауеит, аинициатива ҿыцқәа аус рыдааулоит, ас еиҧш иҟоу аинициативақәа иреиуп Амшын еиқәа аӡаҵантәи афымцатә кабель, уи «акорридор иаҵәа» арҿиара иазкуп. Қырҭтәылеи Азербаиџьани апотенциал ду рымоуп зырҿыцра ҟало аенергиа иаҵәа ала Европа аиқәыршәаразы, уи аҵакы ду амоуп, аперспектива дуи аҧеиҧши амоуп. Ҳәарада, аҩ-ганк ари ахырхарҭа иаҳа ирацәаны аинвестициақәа аларҵароуп, абарҭ азҵаарақәа роуп иахьа ҳазлацәажәаз», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.