Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан аекономика аминистр   диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан аекономика аминистр   диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан аекономика аминистр  − Миқаил Џьабаров диҧылеит.

Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Азербаиџьани рстратегиатә еизыҟазаашьақәеи аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аекономикатә усеицура иаҵанакәа азҵаарақәа ирзааҭгылеит.