Иракли Ҕарибашвили, аусуратә аиҧылараҿы,  атәылахьчара азакәанеидкыла апроект ҿыц далацәажәеит  
Иракли Ҕарибашвили, аусуратә аиҧылараҿы,  атәылахьчара азакәанеидкыла апроект ҿыц далацәажәеит  

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи аминистрра егьырҭ анапхгаратә хаҿқәеи рҟны аусуратә аиҧылара мҩаҧигеит. Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы атәылахьчара азакәанеидкыла апроект ҿыц иалацәажәеит, уи аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҧшьгарала еиқәыршәан.  

Атәылахьчара азакәанеидкыла апроект ҿыц аҿы, егьырҭ аҧыжәарақәа инарываргыланы, иазҧхьагәаҭоуп арратә маҵзурахьы ааҧхьареи арезерви асистемақәа рмодернизациеи, арратә маҵзуҩцәа рсоциалтә ҭагылазаашьа аиҕьтәреи. 

Арратә маҵзурахьы ааҧхьареи арезерви асистемақәа рмодернизациа анеҩс, аларҵәара аиуеит  атәылахьчаратә усбарҭа анапхгараҭара амодель ҿыц. Арратә маҵзурахьы ааҧхьара асистема ҿыц аҧырҵоит.  

Атәылахьчара азакәанеидкыла ҿыц апроект ашьақәырҕәҕәаразы апарламент адаргалоит ашықәс анҵәамҭанӡа.  

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, арратә маҵзуҩцәа иахәҭоу аҭагылазаашьақәеи асоциалтә гарантиақәеи  рзеиқәыршәара азҵаара атәыла аиҳабыра рзы аҧыжәара амоуп. Ишазгәаҭаз ала,  азакәанеидкыла ҿыц ала иазҧхьагәаҭоуп арратә маҵзуҩцәа анхарҭақәа рыла реиқәыршәареи асоциалтә гарантиақәа азакәан ала аҳәаақәҵареи.

Аиаҳабыра рнапахгаҩы ишиҳәаз ала, Атәылахьчара аминистрра абиуџьет акырӡа иаҳа идухоит, уи еиҧш алшара ҟалеит  2022 шықәсазы иҟаз ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара абзоурала. Ишазгәаҭаз ала, мызәқак рышьҭахь  ,,Ар рықалақь“ аргылара хдыркәшоит, уи абзоурала  1000ҩык инареиҳаны арратә маҵзуҩцәа анхарҭақәа роуеит, ари апрограмма наҟ-наҟгьы инагӡахоит.