Иракли Ҕарибашвили атәым инвестициақәа рызҵаарақәа рзы аҧыза-министр ибжьагаҩ ҷыда диҧылеит
Аекономика аиҭашьақәыргылара ахырхарҭала иҟоу апрогресси Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧыргаз аполитика иаша абзоурала зеиҧшҟамлац ала идуу аекономикатә азҳареи иалацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии атәым инвестициақәа рызҵаарақәа рзы аҧыза-министр ибжьагаҩ ҷыда Вазил Ҳудаки реиҧылараҿы.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан атәылаҿы иҟоу аекономикатә тенденциақәеи, уажәазы имҩаҧысуа, иара убас ҳаҧхьаҟа зымҩаҧгара ргәы иҭоу аинвестициатә проектқәеи ирзааҭгылеит.
Ишазгәаҭаз ала, адунеи зехьынџьара арецессиа аныҟоу аамҭазы, Қырҭтәыла зеиҧшҟамлац ала иҳараку аекономикатә азҳара арбага амоуп, уажәтәи иҵоуроу арбага ахьчара азҵаара аиҳабыра рекономикатә гәыҧ рзы аҧыжәара амоуп.
Аҧыза-министр ибжьгаҩ ҷыда иҟны аиҧылараан ҷыдала иазгәаҭан аекономикатә азҳаразы атәым инвестициақәа рыдыҧхьалара иамоу аҵакы ду. Аиҧылара алахәылацәа ишырҳәаз ала, аинвестициақәа рырацәара аекономика иаҳа ирласны аҿиареи Қырҭтәыла ауааҧсыра рхашәала аизырҳареи иацхраауеит.