Иракли Ҕарибашвили – Атәыла аҩныҵҟатәи аҕацәеи аҳәаанырцә иҟоу рыдгылаҩцәеи агәҽанҵара рысҭоит, адеструктивтә мчқәа атәыла арбгара азин раҳҭом
Иракли Ҕарибашвили – Атәыла аҩныҵҟатәи аҕацәеи аҳәаанырцә иҟоу рыдгылаҩцәеи агәҽанҵара рысҭоит, адеструктивтә мчқәа атәыла арбгара азин раҳҭом

«Атәыла аҩныҵҟатәи аҕацәеи аҳәаанырцә иҟоу рыдгылаҩцәеи агәҽанҵара рысҭоит,  атәылаҿ изакәызаалак аилаҩынтәра аиҿкаара азин раҳҭом. Адеструктивтә мчқәа даҽазнык ҳтәыла арбгара азин раҳҭом», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, атәымтәылауаа, акультура аусхкы аҳаҭарнакцәас рхы аарҧшны, Қырҭтәыла атренингқәа мҩаҧыргоит, уи аамҭазы, аргама ааҧхьара ҟарҵоит ареволиуциа амҩаҧгареи мчыла аиҳабыра рыхҳәареи азы.

«Амчқәа зегьы рахь даҽазнык ааҧхьара ҟасҵоит аҟәышра аадырҧшырц. Адеструктивтә мчқәа алшара рырымҭааит дара ишырҭаху еиҧш рхы шәадырхәарц. Ҳара хәажәкыратәи ахҭысқәа ибзианы иҳгәалашәоит, усҟангьы астудентцәа рхы иархәаны, нас, иаанрыжьит. Ҳәарада, уажәгьы абасоуп ишыҟало.  Астудентцәа аполициа аусзкҩцәа Молотов икоктеильқәа ргәыдҵара рыдарцалон. Абри зегьы аҳәынҭқарра иаҿагыло агәымхаратә планқәоуп. Ҳара уи еиҧш алшара раҳҭом.  Аҳәынҭқарра иаҿагыло абарҭ апланқәа рынагӡара зҽазызкуа ауааҧсыра зегьы иџьбароу ахьырхәра роуеит“, — иҳәеит  Иракли Гарибашвили.