Иракли Ҕарибашвили - Атәыла аидҵара иазку ҳхықәкы нагӡахар, раҧхьатәи хышықәса рыла Аҧсни Самачаблои 10 миллиард адоллар аинвестициа алаҵара ҳалшоит
Атәыла аидҵара иазку ҳхықәкы нагӡахар, раҧхьатәи хышықәса рыла Аҧсни Самачаблои 10 миллиард адоллар аинвестициа алаҵара ҳалшоит, уи аҟаҵара ҳцәыуадаҩхом, уи ҳазхәыцхьеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили шықәсыктәи аҳасабырба ацәыргараан.
Аҧыза-министр иҳәамҭаала, ахықәкы хада – азеиҧш интересқәа рышьаҭала аусеицуреи, агәреибагра аиҭашьақәыргылареи, аимак амшала азарал азуз ауааҧсыра рсоциал-еконоимкатә ҭагылазаашьа аиҕьтәреи, ажәлар реинаалара апроцесс ацхраареи ауп.
Иракли Ҕарибашвили иажәақәа рыла, ажәлар зегьы еидызкылаша аидеиа хада, аҳасабтә хада – атәыла аидҵароуп.
„ Ишыжәдыруа еиҧш, импыҵахалоу Аҧсны уажәтәи абиуџьет, сымҩашьозар, 800 миллион адоллар иаҟароуп. Рбиуџьет зегьы адотациазы иҟоуп. Аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирымоу алшара рцәымӡроуп. Атәыла аидҵара иазку ҳхықәкы нагӡахар, раҧхьатәи хышықәса рыла Аҧсни Самачаблои 10 миллиард адоллар аинвестициа алаҵара ҳалшоит, уи аҟаҵара ҳцәыуадаҩхом, уи ҳазхәыцхьеит, Аекономикатә хеилак аилатәараҿы ари азҵаара ҳалацәажәахьеит. Аҧсны Монакко еиҧшхар ауеит. Аҧсны Монакко еиҧшхарц азыҳәан апотенциал ду амоуп, Аҟәа Монте Карло еиҧшхар ауеит. Убри аҟынтә, ҳәарада, ҳполитика аҭынчратә ҟазшьа амоуп. Абри аҟара аибашьрақәа ирхылҵыз ахәрақәа рырҕьара ҳҭахуп. Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп, ҳара ҳполитика аиҭахәаҧшра ҳгәы иҭам. Зыӡбахәы ҳәоу аимак, абри арыцҳара ду аҭынчмҩа мацарала аҭыҧ иқәҵаны, иаку, иҕәҕәоу Қырҭтәылаҿ, европатәи Қырҭтәылаҿ аицынхара ауп иаҳҭаху“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.