Иракли Ҕарибашвили - Аҧыза-министр иаҳасабала, сара Америкеи Евроеидгылеи рҟны аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара исуалуп, уи ҳамҩа хадоуп
«Аҧыза-министр иаҳасабала, сара Америкеи Евроеидгылеи рҟны аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара исуалуп, уи ҳамҩа хадоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.
Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, «Ақырҭуа гәахәтәы» иалҵыз ауааҧсыра Америка ацҳаражәҳәаҩ лҟны рполемика атәыла аинтересқәа ирышьашәалам.
«Ҳтәылауаа иргәаласыршәар сҭахуп, ҳтәыла хәыҷуп, ҳтәыла арҿиара ҳаҿуп. Аҧыза-министр иаҳасабала сареи, ҳнапхгаратә гәыҧи атәыла аҿиара аиқәыршәара иҳуалуп, уи азыҳәан адгылаҩцәа ҕәҕәақәа ҳҭахуп. Америка, Евроеидгыла, европатәи аҳәынҭқаррақәа уҳәа, убас егьырҭгьы. Ажәлар ҕәҕәа ахьынхо ҳтәыла хәыҷы апартниорцәеи адгылаҩцәеи рыда ақәҿиара заиуам.
Ҳара Америкеи уи ахаҭарнакцәеи ҳаҭыр рықәаҳҵоит, аус еицаауеит. Ҳаҭыр зқәу Дегнан ҳтәылаҿы Америка имҩаҧнаго апроектқәа зегьы дрылахәып, аха, абри аҩыза аполемика ала Америкаҟны ҳаизыҟазаашьақәа ҳзырҕәҕәом. Ҳара имаҷымкәа апроблемақәа ҳамоуп, ҳтәыла иахьагьы импыҵахалоуп. Ҳара аҿиареи, аҕәҕәахареи, ашәҭыкакаҷреи, арҭ аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи ауп иаҳҭаху — иҳәеит Ҕарибашвили.