Иракли Ҕарибашвили – Аҧыррақәа реиҭашьақәыргыларазы аӡбара шрыдыркылаз анеилаҳкаа, ари азҵаара ҳалацәажәан, иаҳҳәеит асанкциақәа ззышьақәыргылам аҳаирпланқәа рыла аҧырра ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа ишрыҵанакәа
Иракли Ҕарибашвили – Аҧыррақәа реиҭашьақәыргыларазы аӡбара шрыдыркылаз анеилаҳкаа, ари азҵаара ҳалацәажәан, иаҳҳәеит асанкциақәа ззышьақәыргылам аҳаирпланқәа рыла аҧырра ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа ишрыҵанакәа

Иацы, аҧыррақәа реиҭашьақәыргыларазы аӡбара шрыдыркылаз анеилаҳкаа, ҳгәыҧ аҩныҵҟа  ари азҵаара ҳалацәажәан,  афакторқәа зегьы анализ рзуны, иаҳҳәеит асанкциақәа ззышьақәыргылам аҳаирпланқәа рыла аҧырра ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа ишрыҵанакәа, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала,  2019 шықәсазы, Урыстәыла аӡбарала, Қырҭтәылаҟа аҧыррақәа аҧыхын.

„Урыстәылаҟны ишиашо аҧыррақәа змоу атәылақәа еиқәысыҧхьаӡар сҭахуп  –  аҳәынҭқарра дуӡӡа Китаи,  ҳгәылара иҟоу, ҳҩыза бзиа, аекономика ду змоу атәыла дуӡӡа, НАТО алахәыла, Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус змоу Ҭырқәтәыла,  насгьы,  Емиратқәа, Америка ахадаратә стратегиатә партниорцәа иреиу,  ахырхарҭақәа рацәа рыла ҳара ҳзы иҿырҧшыгоу Израиль,  ҳгәылара иҟоу Шәамахьтәылеи Азербаиџьани, абарҭ атәылақәа еснагь рхатә милаҭтә политкиа иақәныҟәоит. Абарҭ атәылақәа зегьы Урыстәылаҟны ишиашо аҧыррақәа рымоуп асанкциақәа ззышьақәыргылам аҳаипланқәа рыла. 2019 шықәсазы, Урыстәыла аӡбарала, Қырҭтәылаҟа аҧыррақәа аҧыхын, убри ашьҭахь аҧыррақәа мҩаҧысуам. Ҳтәылауаа Қырҭтәылаҟа ишаауаз аадыруеит, Беларус, Шәамахьтәыла, Азербаиџьан ма Ҭырқәтәыла иалсны, сааҭла аҧшреи ҩынтә-хынтә еиҳаны абилетқәа рзы ашәареи рықәшәон, уи рзыманшәаламызт, ахарџьқәа дуун.

Иара убас, ҳаиҳабыра рыбзоурала, иахьа Урыстәылаҟны ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа ҳамоуп, ҧасатәи аиҳабырагьы убри акәын ирҭахыз, ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ихаҭа аурыс туристцәа дырҧылон. Адетальқәа рыла шәсырааҧсар сҭахым, шәызынтәгьы абри зегьы ибзиаӡаны ижәдыруеит.

Убри аҟынтә,  иацы, аҧыррақәа реиҭашьақәыргыларазы аӡбара шрыдыркылаз анеилаҳкаа, ҳгәыҧ аҩныҵҟа  ари азҵаара ҳалацәажәан,  афакторқәа зегьы анализ рзуны, иаҳҳәеит асанкциақәа ззышьақәыргылам аҳаирпланқәа рыла аҧырра ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа ишрыҵанакәа. Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара ахәаахәҭратә еикәшара миллиардк адоллар иаҟароуп“, – иҳәеит Ҕарибашвили.