Иракли Ҕарибашвили  -  Аҧкрақәа реиҳара аҧыхзаауеит ҳазну амчыбжь азы
Иракли Ҕарибашвили  -  Аҧкрақәа реиҳара аҧыхзаауеит ҳазну амчыбжь азы

Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала,  аҧкрақәа раҧыхра иазку аӡбара рыдыркылоит ҳазну амчыбжь азы имҩаҧысуа Акоординациатә  хеилак  аилатәараҿы.

«Сгәыҧ алахәылацәа срацәажәахьеит, ҳазну амчыбжь азы Акоординациатә хеилак раҧхьатәи аилатәара мҩаҧаагоит,  убри ашьҭахь ажәлар  ирылаҳҳәоит аҧкрақәа рырҧсыҽра иазкны иҳадаҳкыло аӡбара.  Аепидемиологцәеи агәабзиарахьчара аминистрреи рыбжьагарақәа иазҧхьагәаҭаны аӡбара ҳадаҳкылоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.