Иракли Ҕарибашвили амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы Америка ахада ибжьагаҩ Џьеик Салливан  диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы Америка ахада ибжьагаҩ Џьеик Салливан  диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы Америка ахада ибжьагаҩ Џьеик Салливан  диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирыҵанакәа азҵаарақәеи астратегиатә партниорра иаҳа арҕәҕәаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәеи ирылацәажәеит.

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит арегионалтә шәарҭадара азҵаарагьы. Иракли Ҕарибашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит аглобалтә проблемақәа раан иаку аҽазышәара аҵакы ду шамоу.

Иракли Ҕарибашвилии Џьеик Салливани Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессгьы иалацәажәеит. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, атәыла евроинтеграциа – Қырҭтәыла аиҳабыра рдәныҟатәи политикаҿы ахадаратә ҵакы змоу хырхарҭоуп, анапхгаратә гәыҧ ари ахықәкы анагӡаразы иаҭаху зегьы ҟарҵоит.

Аиҧылараҿы Иракли Ҕарибашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иаамҭаны Қырҭтәылаҟа иаара аҵакы ду шамоу. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, иара ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Робин Даниган дизыразуп, Қырҭтәыла аиҳабыра, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи рырҕәҕәареи амзызла, ацҳаражәҳәаҩ ҿыц активла аус ицура ргәы иҭоуп.