Иракли Ҕарибашвили америкатә штат Џьорџьиа агубернатор Браиан Кемп диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили америкатә штат Џьорџьиа агубернатор Браиан Кемп анапхгара ззиуа Иеиду Америкатә Штатқәа аделегациа дырҧылеит.
Аделегациа иалоуп аштат Џьорџьиа актәи аледи Марти Кемпи, аштат Џьорџьиа Амилаҭтә гвардиа аинрал-адиутант Томас Қардени, аштат Џьорџьиа аекономикатә аҿиара адепартамент акомиссар Феҭ Уилсони.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы ҩ-тәылак рстратегиатә партниорреи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура адинамикеи иалацәажәеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы астратегиатә партниорра арҕәҕәареи арҭбаареи иазыхиоуп.
Аиҧылара алахәылацәа аекономикатә алшарақәа рырҕәҕәара аперспективагьы иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, 30-шықәсатәи апартниорра иалагӡаны Америка атәыла иазоунашьҭыз ацхыраареи адгылареи аҵакы ду аман атәыла адемократиатә институтқәа рырҕәҕәареи, атәылахьчаратә алшарақәа рырҿиареи, аекономикатә азҳара аиқәыршәареи азыҳәан.
Иара убас, аиҧылараҿы иазааҭгылеит аштат Џьорџьиа Амилаҭтә гвардиеи Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрреи рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, атәылахьчара аусхкы аҿы Америкеи Қырҭтәылеи иҿырҧшыгоу русеицура ахә ршьоит, избанзар, уи Қырҭтәыла ахиазаареи, атәылахьчара алшареи, аҭышәынтәалареи аизырҳареи, иара убас, НАТО астандартқәа рзааигәахареи иацхраауеит. Иракли Ҕарибашвили аштат Џьорџьиа агубернатор ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәара ацхрааразы.
Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Америка азҵаарақәа рзы аамҭалатәи ахаҭарнак Раиан Ҳариси, Америка атәылахьчара аташе Џьозеф Билбои, Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи, Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Давиҭ Залкалиании.