Иракли Ҕарибашвили – Акандидат астатус анашьара амотивациа ду ҳнаҭоит, уи ҳара иҳамоу апрогресс азхаҵара акәхоит
«Акандидат астатус анашьара амотивациа ду ҳнаҭоит, уи ҳара иҳамоу апрогресс азхаҵара акәхоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Братислава имҩаҧысуа Аглобалтә шәарҭадара афорум аҿы.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Евроеидгылашҟа аинтеграциазы амҩа кьаҿ иашьҭам, атәыла наҟ-наҟгьы ареформақәа рынагӡара иазыхиоуп.
«Ҳара еилыкка иаҳҳәароуп. Иахьа акандидат астатус ауп ҳазлацәажәо. Алахәызаара макьана ҳалацәажәом. Ҳара Евроеидгылашҟа аинтеграциазы амҩа кьаҿ ҳашьҭам, ареформақәа рынагӡара ҳазыхиоуп, аха, иахьа акандидат астатус ҳарҭоу ҳарымҭоу ауп аус злоу. Уи ала атәылақәа зегьы ашьҭымҭа ҕәҕәа роуеит. Урыстәылагьы. Сара даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп ҳара ареформақәа зегьы мҩаҧаагеит, адемократиатә институтқәа ҳарҕәҕәеит, ҳара инарҭбаау арегион аҿы иреиҕьу арбагақәа ҳамоуп. Қырҭтәыла ахырхарҭақәа зегьы рыла иреиҕьу арбагақәа амоуп. Нас, сшәазҵаар сҭахуп, ари астатус изҳарымҭари. Акандидат астатус анашьара амотивациа ду ҳнаҭоит, уи ҳара иҳамоу апрогресс азхаҵара акәхоит. Аха, уи аусуратә процесс шакәу еилаҳкаауеит. Ҳара ареформақәа зегьы рымҩаҧгара наҳагӡароуп. Ҳара амотивациа ҳамазаауеит, еснагь ҳахиазаауеит, ҳәарада, Евроеидгыла аҟынтә еснагь амониторингтә миссиа иҟазаауеит. Ари аӡбара мышкала изыҟалом», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.