Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп арегионаҿ Қырҭтәыла иааннакыло ауникалтә роль абзоурала, ҳтәыла аекономикатә аҿиара азеиҧш регионалтә мышхәыбзазара аиқәыршәара акырӡа ишацхраауа
Ацентртә Азиа аҿиара арегионалтә программеи Азиатәи Аҿиара абанки алагала ду ҟарҵеит Қырҭтәыла апроектқәа рацәеи ауснагӡатәқәеи рымҩаҧгараҿы. Ацентртә Азиа арегионалтә программа аполитика хада – арегионалтә центрс аҟалара иазку Қырҭтәыла аҽазышәара иашьашәалоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.
Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Ацентртә Азиа арегионалтә економикатә усеицура (CAREC) 22-тәи аминистериалаҿ данықәгылоз.
„Қарҭ, Ацентртә Азиа арегионалтә економикатә усеицура 22-тәи аминистериалаҿ гәахәарала шәҿаҧхьа сықәгылоит. 2023 шықәсазы Қырҭтәыла ахантәаҩра аман, уи ҳара ҳзы ҳаҭыр дуун, сынтәатәи ашықәс анҵәамҭанӡа инеихьеит, убри аҟынтә, згәыдурала исҳәар сҭахуп ҳара иҳадыз, зҵакы дуу аҧхықәрақәа зегьы қәҿиарала ишынаҳагӡаз. Зҵакы дуу абри амиссиа анагӡара иалахәыз аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы, ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Хара имгакәа, 2024 шықәсазы, Қарҭ имҩаҧаагоит Азиатәи Аҿиара абанк 57-тәи есышықәсатәи аиҧылара, агәра шәсыргар сҭахуп ари ауснагӡатә арегионалтәи аглобалтәи зҵаарақәеи ажәалагалақәеи рыхәаҧшразы иалкаау платформас ишыҟало. Азин сышәҭозар, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Ацентртә Азиа аҿиара арегионалтә программеи Азиатәи Аҿиара абанки ароль хада шынарыгӡаз арегионалтә економикатә аҿиара апроцессаҿ. Иара убас, дара алагала ду ҟарҵеит Қырҭтәыла апроектқәа рацәеи ауснагӡатәқәеи рымҩаҧгараҿы. Гәахәарала иазгәасҭар сҭахуп Ацентртә Азиа арегионалтә программа аполитика хада арегионалтә центрс аҟалара иазку Қырҭтәыла аҽазышәара ишашьашәалоу. Уи абзоурала, ҳтәыла Азиеи Европеи рыбжьара ирмариоу, ирласу, ахәаахәҭратәи атранзиттәи маршрут аиқәыршәара алшоит. Абжьаратә корридор аҵакы иаҳа-иаҳа иазҳауеит атрадициатә маршрутқәа рзы атрадициатә ишәарҭам альтернатива аҳасабала. Атранзиттәи алогистикатәи аимадарақәа реиҕьтәра амзызла зымҽхак дуу аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара ҳазыхиоуп, урҭ рыбжьара – Анаклиатәи иҵауло абаҕәаза арҿиареи, Амшын еиқәа аӡаҵантәи афымцатә кабель апроекти, аихамҩа амодернизациа апроекти, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза арҿыцра апроекти. Иахьазы Ацентртә Азиа аекономикатә усеицура апрограмма иалахәы атәылақәа рыбжьара атауар амҩангареи, атранзиттә хархәагақәеи, афизикатә хаҿқәеи ирласны реиҭаҵра иаҧырхагоу аҧынгылақәа шыҟоу иазхаҳҵоит. Абжьаратә корридор ҧырхагак амамкуа аус аурцаз аужьҭратә пунктқәа ринфраструктура еиҕьтәуп, уи абзоурала, еигәылацәоу атәылақәа, ҧенџьырк апринципла, аамҭакала аидара аужьҭра рылшоит. Ари асисиема иаанагоит атауар атранзит ахарџьқәа аминимум аҟынӡа рырмаҷреи излауа ала инарҭбааны ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәареи“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Иара убас, Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, аглобалтә аҩаӡараҟны апроблемақәа шырацәоугьы, алҵшәа бзиа зхылҵуа, ҳаамҭазтәи аекономикатә политика абзоурала, Қырҭтәыла аекономикатә ҭышәынтәалара еиқәыршәоуп.
„Агәра ганы сыҟоуп арегионаҿ Қырҭтәыла иааннакыло ауникалтә роль абзоурала, ҳтәыла аекономикатә аҿиара азеиҧш регионалтә мышхәыбзазара аиқәыршәара акырӡа ишацхраауа. Ҳаиҳабыра рзы аҵакы ду амоуп хазхаҭалатәи асектор аконкуренциалшара аизырҳареи, ахәқәа рглобалтә даҷь ашҟа аинтеграциеи, абизнес иазыманшәалоу аҭагылазаашьақәа реиқәыршәареи, атәыла атранзиттә потенциали аенергиа иаҵәа аганахьала иҳамоу апотенциали инагӡаны ахархәареи. Фактла иуҳәозар, ҳекономикатә политика иаша абзоурала, Қырҭтәыла, қәҿиарала, аекономикатә ҭышәынтәалара ахьчара алшеит, абри зегьы ҟалеит арегионалтәии аглобалтәи аҩаӡараҟны апроблемақәа анырацәоу аамҭазы“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.