Иракли Ҕарибашвили – Адунеи зегьы анормалтә ҧсҭазаара азыхынҳәра иақәгәыҕуеит, ҳаргьы, Қырҭтәыла атуристцәа рыдкылара ҳазыхиазаауеит
Иракли Ҕарибашвили – Адунеи зегьы анормалтә ҧсҭазаара азыхынҳәра иақәгәыҕуеит, ҳаргьы, Қырҭтәыла атуристцәа рыдкылара ҳазыхиазаауеит

Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа  иҵабыргны аанарҧшуеит адунеи хәыҷы-хәыҷла анормалтә ҧсҭазаара ишазыхынҳәуа, ҳаргьы, активла атуристцәа рыдкыларазы ҳахиазароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Испаниа,  FITUR ацәыргақәҵаҿы.

Мадрид имҩаҧысуа жәларбжьартәи атуристтә цәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиҳабыра рнапхгаҩы Қырҭтәыла атуристтә стенд ибеит. Иракли Ҕарибашвили ицын   ЕАР Атуризм адунеизегьтәи аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Зураб Пололикашвилии Қырҭтәыла анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра ахаҭарнакцәеи.
Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, атуризм аиҭашьақәыргылара  азҵараҿы ахадаратә ҵакы рымоуп авакцинациеи, аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, ауааҧсыра рыла абри азҵаара ҭакҧхықәрала азныҟәареи.

„Сара сзы ҳаҭыр дууп Испаниа, FITUR ацәыргақәҵаҿы Қырҭтәыла аӡыргара алшара ахьҳамоу. Ишыжәдыруа ала, абри ауснагӡатә иалахәып 100  раҟара аҳәынҭқаррақәа. Урҭ рыгәҭа, ҳаргьы абри ауснагӡатә аҿы иахәҭоу аҭыҧ аанаҳкылоит. Иахьа шьыжьымҭан сареи Испаниа аҳи  ацәыргақәҵа аабеит. Уи иҵабыргны аанарҧшуеит адунеи зегьы хәыҷы-хәыҷла  анормалтә ҧсҭазаарашҟа ишыхынҳәуа, ҳаргьы, Қырҭтәыла активла атуристцәа рыдкыларазы ҳахиазароуп. Ҳәарада, абри азҵаараҿы ахадаратә ҵакы рымоуп авакцинациеи, аепидемиологиатә ҭаылазаашьеи, ауааҧсыра рыла абри азҵаара ҭакҧхықәрала азныҟәареи. Жәакала иуҳәозар, ҳара аоптимизм ду ҳамоуп, адунеизегьы анормалтә ҧсҭазаара ахыхынҳәра иаҿлымҳауп, урҭ рыбжьаара, ҳаргьы Қырҭәтыла атуристцәа рыдкылара ҳазхиазаауеит“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Қырҭтәыла FITUR 2021 иалахәып апартниор тәыла астатус ала.
Қырҭтәыла аӡыргаратә стенд абзоурала, жәларбжьаратәи атуроператорцәеи, аилахәырақәеи, амедиа ахаҭарнакцәеи Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭақәа ирызкны инарҭбаау аинформациа роур рылшоит.

Ацәыргақәҵа авидеоекран хадаҿы асасцәа ирбар рылшоит Қырҭтәыла иазку авидеонҵамҭақәеи Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭақәеи. Қырҭтәыла атуристтә потенциал аазырҧшуа абанерқәа гылоуп  жәларбжьаратәи ацәыргақәҵара аҩналарҭеи аҧсшьаратә қәыҧшыларақәеи рҿы. Аинформациатә банерқәа гылоуп ашьапылатә мҩахәасҭақәа зегьы рҿы.

Сынтәа ацәыргақәҵа иалахәып  100 раҟара аҳәынҭқаррақәа.