Иракли Ҕарибашвили Adani Group ахантәаҩы диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Adani Group ахантәаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Давос аиҧыларақәа рымҩаҧгара наигӡоит.  Аиҳабыра рнапхгаҩы Adani Group ахантәаҩы Гаутам Адани  диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа аконкреттә хырхарҭақәа рыла ҳаҧхьаҟа аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит. Гаутам Адани аенергетикатәи атранспорт-логистикатәи усхкқәа дрызҿлымҳахеит.  Аҧыза-министр абарҭ ахырхарҭақәа рыла Қырҭтәыла иҟоу апотенциал дуи аресурсқәеи дрылацәажәеит.