Иракли Ҕарибашвили 100 шықәса зхыҵуа аибашьра аветерен Иосеб Тухашвили сасра диҭааин, афашизм аҵархара амш идиныҳәалеит
Иракли Ҕарибашвили 100 шықәса зхыҵуа аибашьра аветерен Иосеб Тухашвили сасра диҭааин, афашизм аҵархара амш идиныҳәалеит

Лаҵара 9 инамаданы, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  100 шықәса зхыҵуа аибашьра аветерен Иосеб Тухашвили сасра диҭааит.  Аиҳабыра рнапхгаҩы аибашьра аветеран афашизм аҵархара инаркны 77 шықәса аҵра идныҳәаланы, аҳамҭа ииҭеит. Иракли Ҕарибашвили аветеран агәабзиареи аҧсынҵрадуи изеиҕьеишьеит. 

Аибашьра аветеран аҧыза-министр ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, аветеранцәа, аҳәынҭқарра дара ирзаанарҧшуа аиҷаҳара иҳаракны ахә ршьоит. 

Аҧыза-министр дицны, Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеран афашизм аҵархара амш идиныҳәалеит Аветеранцәа русқәа рзы аҳәынҭқарратә маҵзура анапхгаҩы Коба Кобалаӡе.