Иракли Ҕарибашвили Ҭырқәтәыла визитла ддәықәлеит
Иракли Ҕарибашвили Ҭырқәтәыла визитла ддәықәлеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Ҭырқәтәыла визитла ддәықәлеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Иракли Ӷарибашвили Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада Реџьеп Таип Ердоҕан диҧылоит.

Иара убас, аиҳабыра рнапхгаҩы адгьылҵысра ахьыҟалаз Ҳатаитәи апровинциа, Анҭақиа ақалақь даҭаауеит, уа Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа аиқәырхаратә гәыԥқәа адгьылҵысраан азарал зауз арегион аҿы аус руеию

Қырҭтәыла аделегациа иалоуп Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵӡура аиҳабы Гьыргәал Лилуашвили, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе, Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҭагылазаашьа ҷыда амаҵзура аиҳабы Ҭеимураз Мӷебрившили.