Иракли Ҕарибашвили  Ҭырқәтәыла ивизит иалагеит
 Иракли Ҕарибашвили  Ҭырқәтәыла ивизит иалагеит

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ҭырқәтәыла ивизит иалагеит.

Аҧыза-министр ипресс-маҵзура адыррала, Анкаратәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза Есенбог аҿы имҩаҧган ақырҭуа еиҳабыра рнапхгаҩы иҧылара ацеремониа.

Аҳаирбаҕәазаҿ Иракли Ҕарибашвили иҧылеит агубернатор ихаҭыҧуаҩ  Мурат Соилуи, Анкара ахада инапынҵақәа назыгӡо  Сержан Чиггини,  Анкара ажандармериа акомандаҟаҵаҩцәа реиҳабы  Угур Урхани, Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҩ-ганктәи аполитикатә зҵаарақәа рзы адиректориат агенералтә директор  Гокхан Турани,  Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Џьанџьҕавеи.

Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿы аҧыза-министр аделегациа ицуп.