Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Али Каан Орбаи диҧылеит.
Аҧыза-министр ацҳаражҳәаҩ ҿыц амаҵзураҭыҧ ҿыц идныҳәаланы, иусураҿы ақәҿирақәа изеиҕьеишьеит. Али Каан Орбаи Иракли Ҕарибашвили Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан иҟынтә асалам ииҭеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рстратегиатә партниорра иалацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан астратегиатә партниорраҿы иҟоу аихьӡарақәеи, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рполитикатә динамикеи, иара убас, арегионалтә агеостратегиатә проектқәа рҿы Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рылахәызаареи.
Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Ҭырқәтәылатәи ареспубликеи Қырҭтәылеи рыбжьара астратегиатә партниорра аҿиара аҵакы ду амоуп арегион ашәарҭадареи, иара убас, иҭышәынтәалоу аҿиареи азыҳәан.
Аганқәа рхаҭарнакцәа арегион аҿы аҭыгылазаашьагьы иалацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан арегион аҿиареи ашәҭыкакаҷреи аиқәыршәаразы аҭынчреи аҭышәынтәалареи иамоу аҵакы ду.