Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ҭырқәтәыла аомбудсмен хада – Шереф Малкоч диҧылеит.
Аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рстратегиатәи партниорреи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аусхкы аҿы аусеицуреи иалацәажәеит.
Ишазгәаҭаз ала Қырҭтәыла анапхгара атәылаҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амеханизмқәа рырҕәҕәара амзызла аусура ду мҩаҧыргоит.
Сынтәа еиқәыршәан Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аҩбатәи, 2022-2030 шықәсқәа рзтәи астратегиа, уи хықәкыс иамоуп Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара асистематә гарантиақәа рырҕәҕәара.
Ишазгәаҭаз ала, астратегиа ахықәкқәеи аҳасабтәқәеи қәҿиарала рынагаӡазы, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара 2024-2026 шықәсқәа рзтәи аплан аиқәыршәара иаҿуп, уи аҿы инарҭбааны иарбахоит ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара иазку азҵаарақәа зегьы.