Иракли Чиқовани Қырҭтәыла иҟоу Чехиа ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит
Иракли Чиқовани Қырҭтәыла иҟоу Чехиа ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Қырҭтәылa Атәылaхьчaрa аминистр Иракли Чиқовани  Қырҭтәыла иҟоу Чехиа ацҳаражәҳәаҩ Петр Кубернати атәылахьчара атташе, авице-полковник Михал Собарнаи дырԥылеит.

Аминистрра аинформациа ала, аибадырраҵ ҟазшьа змаз аиԥылараҿ аганқәы Қырҭтәылеи Чехиеи атәылахьчаратә хырхарҭала аусеицура бзиа шрыбжьоу иазгәарҭеит.

Қырҭтәылa Атәылaхьчaрa аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, аиԥылараҿ Қырҭтәылеи Натои ирыбжьоу апакет (SNGP) ала иазыԥхьагәаҭоу аԥшьгарақәа рынагӡара аплани  Европа аҭынчратә механизм (EPF) аҳәаақәа ирҭагӡаны Чехиатәи ареспублика адгылареи ирзааҭгылеит.