Иракли Чиқовани Даниа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит
Иракли Чиқовани Даниа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани Даниа ацҳаражәҳәаҩ Анне Тофт Соренсени атәылахьчара атташе, аполковник Иенс Ерик Ҳиорт дырԥылеит.

Арбадырратә ҟазшьа змаз аиԥылараҿ, аминистр Қырҭтәыла атәылахьчаратә лшарақәа рырҿиаразы даниатәи аган иҭабуп ҳәа раиҳәеит.

Аиԥылараҿ Қырҭтәылеи Даниеи ртәылахьчаратә усҳәарҭақәа ирыбжьарҵаз ԥшьышықәсатәи аусеицура аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны иалху ахырхарҭақәеи аперспективақәеи ирыхәаԥшит, хшыҩзышьҭра аҭан Натои Қырҭтәылеи ирыбжьоу апакет (SNGP) аҳәаақәа ирҭанӡаны аусеицура ахырхарҭақәа рырҿиара.