Иракли Ӷарибвшили – 1991 шықәса хәажәкыра 31 рзы ареферендум мҩаԥган, ҳауаажәлар ихьыԥшым Қырҭтәыла аидеиа иадгылеит
Иракли Ӷарибвшили – 1991 шықәса хәажәкыра 31 рзы ареферендум мҩаԥган, ҳауаажәлар ихьыԥшым Қырҭтәыла аидеиа иадгылеит

1991 шықәса хәажәкыра 31 рзы ареферендум мҩаԥган, ҳауаажәлар ихьыԥшым Қырҭтәыла аидеиа иадгылеит, – асоциалтә каҭаҿ иҩит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Қырҭтәыла Аԥыза-министр атәыла аҭоурых аҿы ақак ҷыда змоу амш рыдиныҳәалеит.

Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла актәи ахада Звиад Гамсахәырдиа инышәынҭрахь днеин, абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит. Иахьа Қырҭтәыла актәи ахада 82 шықәса ихыҵыр акәын. Қырҭтәыла Аԥыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылараҿ Звиад Гамсахәырдиа илагала дууп.