Дмитри Кулеба - "Ареферендумқәеи" агибридтә "мобилизациеи" акгьы рыԥсахӡом, Украина ахатә ҵакырадгьыл арыцқьара нанагӡоит
Дмитри Кулеба - "Ареферендумқәеи" агибридтә "мобилизациеи" акгьы рыԥсахӡом, Украина ахатә ҵакырадгьыл арыцқьара нанагӡоит

– “Ареферендумқәеи” агибридтә “мобилизациеи” акгьы рыԥсахӡом, Украина ахатә ҵакырадгьыл арыцқьара нанагӡоит, – иҳәеит Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба.

Кулеба дазааҭгылеит урыстәылатәи аихқәа рҿы аларҵәара зауз адырра, цәыббра 23-27 рзы асепратистцәа изхылаԥшуа Донецки Лугански, Хнрсони ртерриториақәа Урыстәыла алалара азы ареферендум мҩаԥыргоит ҳәа.

Украина адәныҟатәи аусҳәарҭа анапхгаҩы иажәақәа рыла, Урыстәыла еснагь агрессор-тәылас аанхоит.