Иракли Ӷарибшвили - Польшатәи аҳақьымцәа рхымҩаԥгара ирԥхашьаган, дара рхаҭа апроцесс адискредитациа азыруит
Иракли Ӷарибшвили - Польшатәи аҳақьымцәа рхымҩаԥгара ирԥхашьаган, дара рхаҭа апроцесс адискредитациа азыруит

Ҳара ахырхарҭақәа зегь рыла акгьы ҳамҵәахыкәа аус ҳуеит, иҟалаз ԥхашьароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Апенитенциартә маҵзура иацы аланарҵәаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Апенитенциартә маҵзура ҷыда Михеил Саакашвили иҟны польшатәи аҳақьымцәа рвизит иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭа аҿы ишану ала, авизит аан аҭыԥ аман аинцидентк –  польшатәи ҳақьымк Михеил Саакашвили иҟынтә иигаз аиуа ақьаад алаиҳәан, иеимаа иҭаҵаны маӡала уи агара иҭахын.

Ӷарибашвили иажәақәа рыла, Аиустициа аминистр ҵыԥх, абҵаразы Саакашвили иҭаацәра рыдигалеит аҳақьымцәа ааргарц. Апроцесс иалахәын Польша ацҳаражәҳәара, Саакашвили иҭаацәара рҟынтә ақәшаҳаҭра шьаҭас аҭаны, абаандаҩы игәаҭаразы иаҭааит польшатәи аҳақьымцәа.

“Ҳара ахырхарҭақәа зегь рыла акгьы ҳамҵәахыкәа аус ҳуеит, иҟалаз ԥхашьароуп. Польшатәи аҳақьымцәа ирԥхашьагоу рхымҩаԥгашьа ахахы иузымго фактуп, аофициалла иргаз аиуа анырҵәаз, апроцесс адискредитациа азыруит. Ари ала иубароуп азҵаара аполитикатә шьаҭа шамоу” – иҳәеит Ӷарибашвили.