Иракли Ӷарибашвили - Нато асаммит аҿы ҳтәыла алианс аҿы аинтеграциа ахырхарҭала иҳамоу апрогресс азхаҵара ҳазыԥшуп
Иракли Ӷарибашвили - Нато асаммит аҿы ҳтәыла алианс аҿы аинтеграциа ахырхарҭала иҳамоу апрогресс азхаҵара ҳазыԥшуп

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, уаҵәы Бриуссель имҩаԥысран иҟоу Нато асаммит аҿы европатәи алидерцәа рҟны зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа мҩаԥигоит.

Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз, Нато аҟны аизыҟазаашьақәа рганахьала Қырҭтәыла апрогресс ду амоуп, Нато асаммит аҿы ҳтәыла алианс аҿы аинтеграциа ахырхарҭала иҳамоу апрогресс азхаҵара дазыԥшуп.

„Уаҵәы Нато асаммит алагоит. Сара сызхагылоу аделегациа асаммт ахь идәықәлоит. Нато асаммит ахь ааԥхьара амаӡаныҟәгаҩ хада иҟынтә соуит. Нато асаммит аҿы ҳтәыла алианс аҿы аинтеграциа ахырхарҭала иҳамоу апрогресс азхаҵара ҳазыԥшуп. Европатәи алидерцәа рҟны зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа мҩаԥызгоит”, – иҳәеит Ӷарибашвили.