Иракли Ӷарибашвили - Аҭынчреи, агәабзиареи насыԥла иҭәу аԥсҭазаареи ирзеиӷьасшьоит ҳхәыҷқәеи рҭаацәарақәеи
Иракли Ӷарибашвили - Аҭынчреи, агәабзиареи насыԥла иҭәу аԥсҭазаареи ирзеиӷьасшьоит ҳхәыҷқәеи рҭаацәарақәеи

Ҳахшара насыԥла иҭәу рыԥсҭазаара азхәыцреи, урҭ рҿиара, ргәабзиара, тәылауаҩ бзиацәас рызҳаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп, ари анапхгара хықәкы хадас амоуп, – иануп аԥыза-министр Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ари ахырхарҭала анапхгара акымкуа реформақәеи апроектқәеи мҩаԥнагеит.


Абри ахырхарҭала ҳара иакымкәа ареформақәеи апроектқәеи мҩаҧаагеит. Ҵыҧх ҳара ҩынтә иазҳарҳаит социалла ихьчам ахәыҷқәа ирызку аҧаратә цхыраара; иахьа инаркны ари ацхыраара иҵегьы иазҳауеит, 150 лари аҟынӡа ишьҭыҵуеит. Ари апрограмма 215 нызқьҩык ахәыҷқәа ирыдкьыслоит, уи азыҳәан аҳәыныҭқарратә биуџьет аҟынтә иалхуп 341 миллион лари. Ахәыҷқәа рыгәҭа аҕарра аиҵатәреи рҿиара аиқәыршәареи амзызла, наҟ-наҟ иаҳа ирацәаны ауснагӡатәқәеи апроектқәеи мҩаҧаагоит.

Аҭынчреи, агәабзиареи насыԥла иҭәу аԥсҭазаареи ирзеиӷьасшьоит ҳхәыҷқәеи рҭаацәарақәеи “, – иануп Иракли Ӷарибашвили иҳәамҭаҿы.