Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 122 афакт ҿыцқәа аарҧшуп.
Аҧсны иҟоу аковид центрқәа 3 рҿы рҽырыхәшәтәуеит 132ҩык апациентцәа. Урҭ рҟынтә 29ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.
Инеизакны Аҧсны акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 6092ҩык, урҭ рҟынтә 84ҩык апациентцәа иҧсит, 4 002ҩык ачымазара иалҵит.