Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 16-ҩык ирыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 16-ҩык ирыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ атестқәа рзыҟарҵеит 150 -ҩык, урҭ рҟынтә  16-ҩык aкоронaвирус ирыдбалан.

Гәдоуҭатәи араионтә ахәышәтәырҭаҿ ишьҭоуп  61-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 11-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан 656-ҩык aуaaҧсырa,  186-ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит, 4-ҩык иҧсит.