Импыҵахалоу Аҧсны де-факто агәабзиарахьчара аминситрра адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла 438 атестқәа ҟаҵан, 98ҩык ауааҧсыра акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп.
Уажәазы Аҧсны иҟоу аковид центрқәа хәба рҟны рҽырыхәшәтәуеит 223ҩык апациентцәа. Урҭ рҟынтә 25ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.
Инеизакны Аҧсны акоронавиурс адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 6 815ҩык, урҭ рҟынтә 5 004ҩык ачымазара иалҵхьеит, 92ҩык иҧсит.