Иҳaҩсыз уaхи-ҽни рылa импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус азы иҟаҵан 340 атестқәа, 78-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп, аӡәы дыԥсит.
Аҧсны иҟоу аковид-центрқәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит 92-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 14-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ иԥсҭазаара далҵит 1932 шықәсазы ииз апациент.
Апандемиа ҟалеижьҭеи Аҧсны акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 14 002-ҩык, урҭ рҟынтә 13 350-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 220-ҩык апациентцәа иҧсит.