Аҧсуа АИХ адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Аҧсны акоронавирус азы атестирра иахысит 257ҩык, урҭ рҟынтә 67ҩык COVID-19 адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп. Аковид-центрқәа хәба рҿы рҽырыхәшәтәуеит 107ҩык апациентцәа.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус ҿыркааит 14 182ҩык, урҭ рҟынтә 220ҩык апациентцәа иҧсит, 13 375ҩык ачымазара иалҵит.