Иҳaҩсыз уaхи-ҽни рылa импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус азы иҟаҵан 283 атестқәа, 53-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп, аӡәы дыԥсит.
Аҧсны иҟоу аковид-центрқәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит 82-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 12-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ лыԥсҭазаара далҵит 1940 шықәсазы ииз апациент.
Апандемиа ҟалеижьҭеи Аҧсны акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 13 774-ҩык, урҭ рҟынтә 13 274-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 218-ҩык апациентцәа иҧсит.