Аҧсуа АИХ адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус азы иҟаҵан 261 атестқәа, 52ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп.
Ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп 96ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 12ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.
Аепидемиа ҟалеижьҭеит Аҧсны акоронавирус ҿыркааит 14 117ҩык, урҭ рҟынтә 220ҩык иҧсит, 13 350ҩык ачымазара иалҵит.