Аҧсуа АИХ адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Аҧсны акоронавирус азы атестирра иахысит 198ҩык, урҭ рҟынтә 42ҩык COVID-19 адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп. Аковид-центрқәа хәба рҿы рҽырыхәшәтәуеит 109ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 13ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус ҿыркааит 14 289ҩык, урҭ рҟынтә 221ҩык апациентцәа иҧсит, 13 390 ҩык ачымазара иалҵит.