Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 27 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, пациентк дыҧсит
Аҧсуа АИХ адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Аҧсны акоронавирус азы атестирра иахысит 182ҩык, урҭ рҟынтә 27ҩык COVID-19 адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп.
Акоронавирус амшала Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы пациентк дыҧсит.
Аковид-центрқәа хәба рҿы рҽырыхәшәтәуеит 103ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 25ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус ҿыркааит 15 102ҩык, урҭ рҟынтә 227ҩык апациентцәа иҧсит, 14 208 ҩык ачымазара иалҵит.