Иҳaҩсыз уaхи-ҽни рылa импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус азы иҟаҵан 151 атестқәа, 22-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп.
Аҧсны иҟоу аковид-центрқәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит 68-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 7-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.
Аҟәатәи ахәышәтәырҭаҿ иԥсҭазаара далҵит 81 шықәа зхыҵуаз апациент.
Апандемиа ҟалеижьҭеи Аҧсны акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 13 385-ҩык, урҭ рҟынтә 12 860-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 212-ҩык апациентцәа иҧсит.