Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 150 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 4ҩык апациентцәа иҧсит
Импыҵахалоу Аҧсны агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла акоронавирус азы атестқәа рзыҟаҵан 634ҩык, урҭ рҟынтә 150ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп.
Импыҵахалоу Аҧсны иҟоу аковидцентрқәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит 241ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 24ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы хҩык апациентцәа иҧсит. Пациентк дыҧсит Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы. Акоронавирус амшала Аҧсны иҧсхьеит 117ҩык ауааҧсыра.
Инеизакны Аҧсны акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 8825ҩык, урҭ рҟынтә 6872ҩык ачымазара иалҵхьеит.