Импыҵaхaлоу Аҧсны Афымцалашара аамҭа-аамҭала идырцәалоит жәабран 20 инаркны
Импыҵaхaлоу Аҧсны Афымцалашара аамҭа-аамҭала идырцәалоит жәабран 20 инаркны

ЕгрыГЕС зынӡа аусура аанкыламхарц азы импыҵaхaлоу Аҧсны иахьаҵанакуа  жәабран 20 инаркны афымцалашара дырцәалоит  – аанацҳаит «Амшынеиқәафымцамч» апресс-маҵзура.

“ЕгрыГЕС аусура аанкылатәхоит аӡы аҩаӡара 420 метра рҟны ианнеилак. Усеиԥш ҟамларц азы иӡбоуп жәабран 20 инаркны (асааҭ 11:00- 14:00) Аԥсны иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҿы афымцаларашара  дырцәаларц. Ари аҩыза аԥкыра ҟалоит Урыстәылантәи афымцалашара ҳауа ҳалагаанӡа» ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿ.

Жәабран 19 2019 шықәса рзы иҟоу азыԥхьагәаҭарала ЕгрыГЕС хәажәкыра-мшаԥы амзақәа рзы 310 миллион киловатт-сааҭ афымцамч арҿиара алшоит. Убри аан Аԥсны афымцамч ахархәара 366 миллион киловатт-сааҭ итәоит. Адифицит 56 миллион киловатт-сааҭ шьақәнаргылоит.

Афымцaлaшaрa aaнкылaрa иaзку aдыррa Актәи aкaнaл aзышьaқәирҕәҕәеит “ЕгрыГЕС ” aдиректор Левaн Мебониa.