Илон Маск   Украина  Starlink Internet ахархәара алшара аиҭеит

Илон Маск   Украина  Starlink Internet атерминалқәа рхархәара алшара аиҭеит. Адунеи аҿы зегьы реиҳа ибеиу ауаҩҧсы ари атәы иҩит  «Твиттер» аҿы.

Starlink — аглобалтә амҩанызатә системоуп, уи ауаа зыласра дуу аинтернет ала еиқәнаршәоит.  Starlink атерминалқәа рхархәара аҳәарала америкатә бизнесмен дидҵаалт Украина арыцхә трансформациа аминистр  Михаил Федоров.