Илон Маск – Европатәи алидерцәа ҵыхәҧҵәарада Урыстәыла иабашьыр рҭахуп, иҵегьы шаҟаҩы аҭаацәа хшарада иаанхозеи? Дара рлогикала уи ахаангьы ихыркәшахом
«Европатәи алидерцәа ҵыхәҧҵәарада Урыстәыла иабашьыр рҭахуп», — иҩит Америка аиҳабыра реффективра адепартамент анапхгаҩы Илон Маск асоциалтә аҳаҿы.
«Европатәи алидерцәа ҵыхәҧҵәарада Урыстәыла иабашьыр рҭахуп, иҵегьы шаҟаҩы аҭаацәа хшарада иаанхозеи? Иҵегьы шаҟаҩы ахәыҷқәа абацәа рыда иаанхозеи? Дара рлогикала уи ахаангьы ихыркәшахом», — иҩит Илон Маск.
Маск Даниа аҧыза-министр Метте Фредериксен иҟалҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Лара ишылҳәаз ала, Украина ари аибашьраҿы аиааира агароуп, избанзар, уажәы аибашьра ааныркылар, Урыстәыла иаҳа ирацәаны ауааи аҧареи еизганы, европатәи даҽа ҳәынҭқаррак иажәылар алшоит.