Илон Маск 44 миллион доллар ҳәа "Твиттер" ааихәоит
Илон Маск 44 миллион доллар ҳәа "Твиттер" ааихәоит

Илон Маск 44 миллион доллар ҳәа “Твиттер” ааихәоит. Аилахәыра адиректорцәа рхеилак Маск иажәалагала аднакылеит. Маск иажәақәа рыла, асоциалтә каҭа “Твиттер” апотенциал ду амоуп.

Мшаԥы алагамҭазы Илон Маск “Твиттер” акциақәа 9.2% 2.89 миллион доллар ҳәа ааихәан, уи ашьҭахь аилахәыра зегьы ааихәара азхәыцра далагеит.

„Ажәа ахақәиҭра адемократиа ашьаҭоуп, „Твиттер“ ақалақь ацифратә ашҭоуп, уа ауаатәыҩса аԥеиԥш азы аҵак ду змоу азҵаарақәа ӡбахоит”, – иазгәеиҭеит Маск.

Илон Маск адунеи аҿы зегь реиҳа ибеиоу ауаа дыруакуп. Уи аилахәырақәа Tesla-и Space X-и итәуп. Ажурнал “Форбс” аинформациала, Илон Маск 268 миллиард доллар иаҟароу амазара имоуп.