Илиа II Саломе Зурабишвили дылҧылеит
Илиа II Саломе Зурабишвили дылҧылеит

Қырҭтәыла Акатоликос-Патриарх  Илиа Аҩбатәи Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылҧылеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Апатриархиа.

Апатриархиа адыррала, Саломе Зурабишвили Илиа Аҩбатәи диацәажәеит Самеба аныхабаа ахор аҽалархәрала Рим имҩаҧысраны иҟоу ауснагӡатәқәа рзы. Лара ишылҳәаз ала, лхаҭагьы аконцерт аҿы дҟалоит.

«Апатриарх ҳаҭыр зқәу Саломе дныҳәаны, қәҿиарла авизит амҩаҧгара лзеиҕьеишьеит», — иануп аҳәамҭаҿы.