Илиа II – Ҳгәы каҳар ҟалом, ҳара иҳхамшҭроуп Анцәа аҧышәара анҳаиҭо, иҳацхрааша амчгьы шҳаиҭо
Илиа II – Ҳгәы каҳар ҟалом, ҳара иҳхамшҭроуп Анцәа аҧышәара анҳаиҭо, иҳацхрааша амчгьы шҳаиҭо

«Ҳара иҳхамшҭроуп Анцәа аҧышәара анҳаиҭо, иҳацхрааша амчгьы шҳаиҭо», — иҳәеит Қырҭтәыла Акаталаикос-Патриарх Илиа  II Светицховели аныхабааҿ агәырҕьаратә Анцәа имаҵзура ашьҭахь.

Апатриарх Анцәа дхазҵо ауаа зегьы иныҳәеит.

«Ҳара аџьашьахәқәа рацәа аабахаьеит, аха, џьашьахәыс иубаша, Анцәа дҳацуп, иара ҧхьаҟа ҳаигоит, Анцәа ҳаанижьуам, еснагь дҳацзаауеит, абзиабара ҳалаиҵоит, ҳара ҳамшәароуп, ҳгәы камҳароуп.  Хаангьы иҳхамшҭроуп Анцәа аҧышәара анҳаиҭо, иҳацхрааша амчгьы шҳаиҭо.

Иахьа абра иҟоу ҳтәыла ахадеи, аҧыза-министри, ауахәама аҭааҩцәеи аҧсшәа расҳәар сҭахуп. Анцәа дышәхылаҧшааит», — иҳәеит Апатриарх.