Илиа Дарчиашвили  Украина аибашьра алагара инаркны шықәсык аҵра инамаданы имҩаҧысуа ЕАР Ассамблеиа хада асессиа ҷыда ихы алаирхәоит
Илиа Дарчиашвили  Украина аибашьра алагара инаркны шықәсык аҵра инамаданы имҩаҧысуа ЕАР Ассамблеиа хада асессиа ҷыда ихы алаирхәоит

 

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа  Дарчиашвили  аусуратә визитла Ниу-Иорк дыҟоуп, уаҟа иара Украина аибашьра алагара инаркны шықәсык аҵра инамаданы жәабран  22-23 рзы  имҩаҧысуа ЕАР Ассамблеиа хада асессиа ҷыда ихы алаирхәоит.

Илиа  Дарчиашвили аилатәара алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылоит.

Ниу-Иорк ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны  Илиа  Дарчиашвили  ЕАР Ассамблеиа хада  77-тәи асессиа ахада  Чаба  Корошиси иколлегацәа-аминистрцәеи дырҧылоит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.