Илиа Дарчиашвили Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Тобиас Линднер диҧылеит
Илиа Дарчиашвили Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Тобиас Линднер диҧылеит

Илиа Дарчиашвили Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Тобиас Линднер диҧылеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи аганрацәалатәи форматқәа рҿы атәылақәа русеицура иалацәажәеит.

Хшыҩзышьҭра ҷыда азун Қырҭтәыла евроинтеграциа азҵаара. Иаҵшьны иазгәаҭан ари ахырхарҭала Қырҭтәыла иҟоу апрогресс.

Аиҧылараҿы рнапы аҵарҩит ҩ-тәылак рдәныҟатәи усбарҭақәа рыбжьара адипломатиатә усура иазку атехникатә аиқәшаҳаҭра.