Илиа  Дарчиашвили Бриуссель франциатәи иколлега диҧылеит
Илиа  Дарчиашвили Бриуссель франциатәи иколлега диҧылеит

 

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа  Дарчиашвили,  Бриуссель ивизит аҳәақәа ирҭагӡаны,  Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Жан-Ив  Ле Дриан диҧылеит.  Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесси ари ахырхарҭала иҟаҵоу ашьаҿақәеи ирылацәажәеит,  ҷыдала иазааҭгылеит Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз азыҳәамҭеи  азҵаабҕьыц иадҳәалоу апроцедурақәеи.

Аминистрцәа иаҵшьны иазгәарҭеит ари апроцесс аҿы Франциа инанагӡо ароль,  избанзар ари атәыла Евроеидгыла Ахеилак аҿы ахантәаҩра амоуп.

«Аиҧылара алахәылацәа агәыҕра ду аадырҧшит Евроеидгыла иалоу атәылақәа Қырҭтәылеи Ассоциациатә трио егьырҭ алахәылацәеи европатәи рҽазышәарақәа ирыдгылап ҳәа. Иара убас,  аиҧылараҿы иазаҭгылеит ашәарҭадара аганахьала арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи уи иадҳәаланы Қырҭтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәеи», — иануп аҳәамҭаҿы.