Илиа  Дарчиашвили – Аҧсуааи ауаҧсааи рҟны ишиашо адиалог хымҧада имҩаҧгатәуп
Илиа  Дарчиашвили – Аҧсуааи ауаҧсааи рҟны ишиашо адиалог хымҧада имҩаҧгатәуп

 

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили  апарламентаҿ Фридон Инџьбиа изҵаара аҭак аныҟаиҵоз ишиҳәаз ала, аҧсуааи ауааҧсааи рҟны ишиашоу адиалог хымҧада имҩаҧгатәуп.

«Ҳаҭыр зқәу Фридон ишиашо адиалог мҩаҧгатәума ҳәа шәсазҵааит. Ааи, уи шьақәсырҕәҕәоит, аҧсуааи ауаҧсааи рҟны ишиашо адиалог хымҧада имҩаҧгатәуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Дарчиашвили.

Фридон Инџьиа адәныҟатәи аусқәа рминистр диазҵааит:

«Шәгәы ишҧаанаго, ари азҵаара аҧсуааи ауаҧсааи рҟны ишиашо адиалог ада аӡбара ҟалома? Уи шәара,  Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, шәус акәымзшәа аашәырҧшыр шәҭахуп. Шәминистрроуп зегьы раҧхьа атәыла аидҵара еиқәзыршәаша. Сара, аминистр иаҳасабала акәымкәа, баша атәылауаҩ иаҳасабала сшәазҵаауеит, ҳтәыла абарҭ аҩ-хәҭак ишиашоу адиалог ада Қырҭтәылаҟа ихынҳәыроуп ҳәа шәгәы иаанагома?», — иҳәеит Инџьиа Дарчиашвили иахь ихы рханы.