Илиа Дарчиашвили – Аҧыза-министри Џьеик Салливани реиҧылараҿы ҳусеицуреи, ҳпартниорреи, ҳстратегиатә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит
Илиа Дарчиашвили – Аҧыза-министри Џьеик Салливани реиҧылараҿы ҳусеицуреи, ҳпартниорреи, ҳстратегиатә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит

«Аҧыза-министри  ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Америка ахада ибжьагаҩ Џьеик Салливани реиҧылараҿы аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩныҵҟа иҳабжьоу  аусеицуреи, ҳпартниорреи, ҳстратегиатә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит», — иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили, иара аҧыза-министр дицны Америка авизит мҩаҧигоит.

Дарчиашвили  ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Қырҭтәыла ишизыҧшу.

«Аҧыза-министри  ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Америка ахада ибжьагаҩ Џьеик Салливани реиҧылараҿы аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩныҵҟа иҳабжьоу  аусеицуреи, ҳпартниорреи, ҳстратегиатә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит.  Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц изыҧшуп.  Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун ҳрегионаҿ ашәарҭадара аҭагылазаашьеи, насгьы, ҳәарада, ҳтәыла ашәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәеи. Жәакала иуҳәозар, ҩ-тәылак рыбжьара аимадарақәа рыҩаӡара ҳаракуп», — иҳәеит  Илиа  Дарчиашвили.